Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа

Ҳмилаҭ рҟәышра иадырганы иахьанӡа иааӡаз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсаатә, аԥсатәааӡара уаназхәыцуа аԥсуа қыҭақәа уи аганахьала еснагь атрадициа бзиақәа рыман, ҭӡыцыԥхьаӡа акәты, ашәишәи, акәата, аҟыз иреиуоу аԥсаатә рзанын, ирзануп иахьагьы.

Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа

Иахьагьы аԥҳәыс лбеиара, лбарақьаҭра, лымаашьара иадыргоуп лашҭа иҭоу аԥсаатә. Насгьы акыр узцәыԥхашьо сасык дануҭаалак, аԥшәмаԥҳәыс кәтык ахәда ахҵәара анылзымгәаӷь хьымӡӷуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҭаацәарақәа рҿы аԥсаатә шьны иахьырфо адагьы ирҵо акәҭагь, еиҳараӡак ахьара анрыцәмаҷу ижәны, мамзаргьы иџьны ирфоит цыфак аҳасабала.

Иара убас, ичаразааит, иԥсхәразааит иҟаҵоу аишәа зхарҭәаахом аԥсаатә ажьы анықәым, еиҳараӡак -акәтыжь. Нас ҳәара аҭахымкәа ас еиԥш хәарҭара зланы иҟоу аԥсаатә ранҵара, рааӡара, рырмарымажара апроцесс иахылымҿиаар залшомызт еиуеиԥшым ажәлар разгәаҭарақәа. Ҳрызхьаԥшып урҭ:

Аԥсаатә ирызку жәлар разгәаҭарақәа.

  • Арбаӷь ахы уқәкны ҿнаҭыр, ажәабжь уаҳауеит. Иануқәҿнаҭлак арыӷьарахь игьежьыр, ажәабжь бзиахоит. Арымарахь – ибааԥсхоит.
  • Арбаӷь ахы уқәкны ҿнаҭыр хәарҭам, "абзиа уҳәозар еиҭа иҳәа, ацәгьа уҳәозар, ашьа уҿашәааит" рҳәоит.
  • Акәтаӷь ацәа акәты иафар хәарҭам, аҵара иаҟәыҵуеит.
  • Акәтырцына арбаӷь еиԥш ҿнаҭыр ҵасым, ҵәгьарак иазҳәоуп.
  • Акәытқәа апырпыл жәла рфар, аҵара иалагоит рҳәоит.
  • Акәытҵараҿ ахырҵлаӷь аанумыжьыр акәытқәа аҵара иаҟәыҵуеит.
  • Акәты анхырҵо, акәтаӷьқәа ахылԥа иҭаҵаны иргон.
  • Акәты ушьырц угәы ианҭоу заа аӡы уршыр, акәты узкӡом.
  • Адырганҵыхәа ашҭаҿ иааины иқәтәар, ауалҳәаҩ дузаауеит рҳәоит.
  • Адырганҵыхәа аҩны ахыб ма ашҭа иқәтәар, асас дузаауеит рҳәоит.

Ажәлар разгәаҭарақәа ирнубаалоит аҩнатә ԥсаатәқәа реиԥш егьырҭ аԥсаатәқәа рхаҿсахьагьы, иаагозар:

  • Абаӷырқәа аԥхын аӡаҿы рҽыркәабозар, ақәа иатәуп.
  • Абаӷырқәа аӡын адгьыл аҿы гәыԥ-гәыԥ иҷырҷыруа итәазар асы иатәуп.
  • Ажәҵыс ахьнеиуа бзиоуп, амшра иатәуп рҳәоит.
  • Ажәҵыс ахьымнеиуа аҩнаҭаҿы ашықәсан аԥсра ҟалоит ҳәа азгәарҭоит.
  • Ажәҵыс ахьымнеиуа аҩнаҭаҿы, ааигәа амаҭ ыҟоуп рҳәоит.
  • Ажәҵарақәа лаҟәны иԥыруазар амшцәгьа иазҳәоуп.

Арахә, аҩнытә ԥсҭтәқәа аҭыԥ ду ааныркылон аԥсуа ихныҟәгараҿы. Ԥсуаҵасла аԥсуаа арахә рҭиуан, иаархәон, урҭ раалыҵ – ахш, ахарҵәы, ашә, акәац аҭаацәа ргәы ҟазҵоз фатәын. Ҳрылацәажәап аԥстәқәа ирызку азгәаҭарақәа:

Аԥстәқәа ирызку жәлар разгәаҭарақәа.

  • Абнаҿы ихьаз ажә иахшо ԥшӡахоит, ашьамхгьы ҵархоит рҳәоит.
  • Ала аҽуқәнарххар, аӡә дузаауеит.
  • Ала ахьуцҳаз аҟәыд еиҩырԥаны иақәуҵар имжьыжькӡом, ирласны иӷьоит ҳәа азгәарҭон.
  • Ала зыцҳаз, иуцҳаз ахәы ыҵхны ибылны иахьацҳаз иақәуҵар бзиоуп, ирласны иӷьоит рҳәоит.
  • Афатә еилызхуа ажә аҿыҵа аԥсыӡ ыҵушьыр, афатә еилыхра иаҟәыҵуеит.
  • Ала аҽуқәнарххар, уаашьо уалагоит рҳәоит.
  • Арахә рыҭра ианҭырца ашьҭахь аҩны акыраамҭа иадымҵуазар, амш цәгьахоит.
  • Ажә ҩ-ҳәыск ахшар, "абзиара иатәхааит, акы иамааноуп", ашықәсан иџьоушьаша ак ҟалоит рҳәоит.
  • Ажә еиқәаҵәа иамҵуа ахш иаҳа ауаҩы ихаҳауеит.
  • Ала аҵыхәеи алымҳаи хуҵәар, иџьбарахоит рҳәоит.
  • Арахә ушавсуа ихәаар, ахәы алумхыр, иузгәакьоу аӡә дыԥсуеит рҳәоит.
  • Аӡын ала абжьы ргәаҩаны ишуазар, асы ауеит.
  • Аӡыс ақьышә уагәӡыр ҵасым "угәы сықәкәашааит" аҳәоит.
  • Акамбашьқәа аҳәра иаҟәыҵны шьыбжьон итәазар, амш цәгьахоит.
  • Аӡын акамбашь зқәыршәшәозар, асы ауеит "асы абоит" рҳәоит.
  • Арахә уанавалалак ихәаар, ахәы алухыроуп, "аҩысҭа дабоит" рҳәоит.
  • Арахә ырҟааны иушьыр, акәац агьама ҽеихом.
  • Арахә рҵыхәа шьҭыхны ианыҩуа, амшцәгьа иазҳәоуп.

Убасгьы рыӡбахә умҳәарц залшом абнатә ԥстәқәа (агыгшәыгқәа), урҭ шеишықәса раахижьҭеи иреишәарыцон, ркәац, рцәа рхы иадырхәон. Аԥстәқәа ирызку азгәаҭарақәагьы акык-ҩбак аазгоит:

  • Ажьа умҩа еихнаҵәар уманшәалахом рҳәоит.
  • Ақәыџьма умҩа еихнаҵәазар, уманшәалахоит, аманшәалара иатәуп.
  • Ақәыџьма иақәтәоу ауаҩы ҳәа ззырҳәо дшақәтәо шамахамзар дубаӡом, дубаргьы ҽеи уақәшәом ҳәа иԥхьаӡан.