Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалагоит

Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалагараны иҟоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицундеи Цандрыԥшь аҳаблеи рҿы амҩақәа рремонт иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахадарақәа рнапхгаҩцәа.

Пицунда ахада Алхас Шамба ишиҳәаз ала аусурақәа етап-етапла имҩаԥгахоит, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалагоит

"Ҳҟазауаа акаҭран ашьҭаҵара иалагеит Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа. Нас ақалақь иалҵуа амҩақәа ҩба ирылагараны иҟоуп.  Иахьынӡаздыруа ала акаҭран ареспубликатә трасса аҟынӡа ишьҭаҵахоит, уи 12 километра иҟоуп", - иҳәеит иара.

Атәылаҿы иҟоу афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ иахырҟьаны асеиԥш аусурақәа ирылагап ҳәа дшақәымгәыӷуаз иҳәеит Шамба.

Аҳәынҭҿаҵа нанагӡоит "Амҩа-ргыларатә комбинат", ахылаԥшра мҩаԥнагоит ареспублика акапиталтә ргылара аусбарҭа.

Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалагоит

Аҳабла  Цандрыԥшь амҩа хадагьы акаҭран ақәҵара иалагеит. Аҳабла ахада Адгур Дасаниа ишиҳәо ала жәамшҟа раԥхьа азыҟаҵаратә усурақәа ирылагеит.

"Октябрьскаиа амҩа акаҭран ықәҵахоит, аҳәааҟынтәи ихадоу амҩанӡа 9 километрак иҟоуп. Амҩа даара иԥхасҭан. Ҳара курорттә раионуп, аԥхын арахь иаауа атуристцәа рацәаҩны ҳҳабла иалсуеит",- иҳәеит иара.

Иара иҳәеит Октябрьскаиа амҩа аремонт шазыруа Аинвестпрограмма ахархәарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: