Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп

КПП Псоу
Урыстәылаҟа зхы хаз автомашьынаҿ иаарԥшын асигарет "Leon" апачкақәа ирҭаны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Fҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит 800 пачка аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада Аԥснынтә Урыстәылаҟа анагара ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭатә маҵзура апресс-маҵзура.

Амашьына аҳәаа ианахысуаз агәаҭараан иаарԥшын иҵәахыз асигаретқәа, "Leon" амарка иатәу. Амашьына акәырқәа хԥа рҿы иҵәахын 208 пачка асигарет,аԥшьбатәи акәыр аҿы – 206 пачка. Зынӡа иаарԥшын 830 пачка, 16 600 цыра.

Автомашьына аԥсҟы зкыз, 26-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит атауар идырцәақәак рыҳәарала ишымҩанигоз Урыстәыла аҭиразы.

Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп
Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп

Атауари автомашьынеи изтәыз имхуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Абри ахҭыс аганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.