Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылаҟа зхы хаз автомашьынаҿ иаарԥшын асигарет "Leon" апачкақәа ирҭаны.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Fҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит 800 пачка аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада Аԥснынтә Урыстәылаҟа анагара ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭатә маҵзура апресс-маҵзура.

Амашьына аҳәаа ианахысуаз агәаҭараан иаарԥшын иҵәахыз асигаретқәа, "Leon" амарка иатәу. Амашьына акәырқәа хԥа рҿы иҵәахын 208 пачка асигарет,аԥшьбатәи акәыр аҿы – 206 пачка. Зынӡа иаарԥшын 830 пачка, 16 600 цыра.

Автомашьына аԥсҟы зкыз, 26-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит атауар идырцәақәак рыҳәарала ишымҩанигоз Урыстәыла аҭиразы.

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп
Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи асигаретқәа рконтрабанда аанкылоуп

Атауари автомашьынеи изтәыз имхуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Абри ахҭыс аганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0