Адәқьан аҟынтә афонд "Ашана" аԥарақәа зӷьычыз аанкылоуп

Ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан абҵара 18 ауха идырҳәит. Убри аан иргеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" азы еизыргоз аԥара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иаанкылоуп Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу адәқьан аҟынтә афонд "Ашана" аԥарақәа зӷьычыз ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Ахҭыс ҟалеит уахынланы, ақалақь аҿы афымцалашара андырцәа. Идырым џьоукы ашә ԥҽны афонд "Ашана" азы еизгаз, 50 нызқь мааҭ рҟынӡа иҟаз аԥара зҭаԥсаз аԥареизакырҭа ықәганы иргеит.

Ашьаусԥшаара аусуҩцәеи Аҟәа ақалақь ауаажәларратә шәарҭадара аусбарҭа амилициеи аоператив-ԥшаара усурақәа имҩаԥыргаз ирылҵшәаны ҩыџьа ауаа: Аҟәа араион инхо, 2002 шықәса рзы ииз Демис Маланӡиеи, Тҟәарчал инхо, 2000 шықәса рзы ииз Едгар Папасқьыри аанкылоуп.

Аԥсны ААР апресс-маҵзура адырра ҟанаҵоит дара рҿы рықәшаҳаҭхеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: