"Ашана" азы еизгаз аԥара аҟәатәи адәқьан аҿы ирӷьычит

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительный забег "Бежим со смыслом"
Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан аҿы аҭыԥ змаз аӷьычразы аматериал еизганы аусҭҵааратә ҟәшахьы инашьҭуп.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан абҵара 18 ауха идырҳәит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит адәқьан зхатәу Биулент Маршьан.

Амилициа аҟәатәи аҟәшаҿы ирҳәеит Ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан аҿы аҭыԥ змаз аӷьычразы аматериал еизганы аусҭҵааратә ҟәшахьы инашьҭуп ҳәа.

Ахҭыс ҟалеит уахынланы, ақалақь аҿы афымцалашара андырцәа. Идырым џьоукы ашә ԥҽны афонд "Ашана" азы еизгаз, 50 нызқь мааҭ рҟынӡа иҟаз аԥара зҭаԥсаз аԥареизакырҭа ықәганы иргеит,.

"Ари араион аҿы асааҭ акы инаркны хԥанӡа афымцалашара дырцәоит. Абри аамҭазы ашә ԥырҽит. Атауаргьы рӷьычит, аха уи гәыҵхас исымам. Исызхымго ахәыҷ чымазцәа рзы еизгаз аԥара  ахьыргаз ауп. Заҟа ҭазгьы сыздырам аха иҭәхьан", - иҳәоит Маршьан.

Ари ҩынтәтәи рҳәроуп абри адәқьан аҿы. Аԥхьа адәқьан иақәлеит 2018 шықәса рзы. Усҟан аԥшәма џьаргьы дмашшит.

"Уажәы амилициа рахь аҭел сасит. Сара схарџь хьаас исымам. Ҟалашьас иарҭазеи "Ашана"аԥарақәа ыӡыртә еиԥш", - иҳәоит иара.

"Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит еизгоу аԥара рӷьычуеижьҭеи шызныкым.

"Шықәсқәак раԥхьагьы ахаҵа афатәҭирҭа адәқьан аҿы иӷьычит, аха иара авидеорбага камера дыднарбеит. Ацәгьоуҩы дыԥшаан. Аԥара ирхынҳәит", - лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоура аадырԥшып ҳәа дгәыӷуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0