COVID-19 аҟынтәи алаҵа раԥхьатәи апартиа нашьҭуп Аладатәи арратә округ агоспитальқәа рахь

Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 95% хра шамаз аанарԥшит аԥхьатәи алаҵа ашьҭахь 42-тәи амш азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. COVID-19 аҟынтәи алаҵа раԥхьатәи апартиа нашьҭуп Аладатәи арратә округ агоспитальқәа рахь ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Зынӡа 1,2 000 доза нашьҭуп. ААО амедусзуҩцәа арратә госпитальқәа рҿы авирус змоу апациентцәа аус рыдызуло алаҵа рзыҟарҵоит.

COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵахоит анапхгаратә еилазаара, аррамаҵзурауаа, амаҵзуратә напынҵақәа назыгӡо аруаа.

COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: