Алаҵа "Спутник V" 95% хра аманы ахы аанарԥшит

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асеиԥш шьақәырӷәӷәоуп хатәгәаԥхарала алаҵа ҟазҵаз ма плацебо зырҭаз 18 794-ҩык рыҭҵаара ашьҭахь.

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 95% хра аманы ахы аанарԥшит ианыҟарҵа ашьҭахь 42-тәи амш азы.
28-тәи амш азы ари арбага 91,4% иҟан.

Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
"Спутник V" ахәԥса иааиуа амчыбжь азы ишьақәдыргылоит

Аҟазауаа ишырҳәо ала  абжьаратә ҩаӡараҳарак рыԥхьаӡоит х-статистикатә гәаҭара рыла: иԥыршәо рҟынтәи 20, 39, 78 чымазара хҭыс разгәаҭарала.

"Аҵак ду аманы иҟоуп аҩбатәи абжьаратә анализ. Уи ишьақәнарӷәӷәеит "Спутник V" актәи аетап аан иазыҟаҵаз ахәшьара. Уажәы ҳара иаҳҳәар ҳалшоит алаҵа 91-92% хра аманы иҟоуп ҳәа", - иҳәеит Гамалеиа ихьӡ зху Амилаҭтә центр адиректор, алаҵа аус адызулоз Александр Гинцбург.

Иара иҳәеит ахԥатәи абжьаратә анализ амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рахьтә 78 COVID-19 хҭыс ҟалар.

"Ҳақәгәыӷуеит алҵшәақәа ҳшырзыԥшыз аиԥш иҟалоит ҳәа. Ахыркәшаратә хәшьара ҳауеит III аклиникатә ҭҵаарақәа рфаза ашьҭахь", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Урыстәыла атәылауаа рзы "Спутник V" хәыдаԥсадахоит, ҳәа рҳәеит аинвестициақәа Урыстәылатәи рфонд аҿы. Жәларбжьаратәи аџьармыкь аҿы дозак 20 доллар иаԥсахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0