Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп

Азакуаншьаҭада зыиагара рҭахыз ааҭын аалыҵ рымхуп, азинеилагаҩцәа рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә цәаҳәаҿы аҽазныкгьы иаԥырҟәҟәаан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ контрабандала аҳәаа ахыгара ҳәа аанацҳауеит аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

400 пачка инареиҳаны асигарет аҳәаа ахыгара рыгәҭакын ҳтәылауаа ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп

Аҳазалхырҭатәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан автомашьына LADA KALINA аанкылан. Иара агәаҭараан асалон аҿы ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭа аҵаҟа иаарԥшын 150 пачка асигарет, абагажник аҿы – 65 пачка, ахатәы маҭәақәа иргәылаҳәан 100 пачкак. Зынӡа автомашьынаҿ иҵәахын 315 пачка (6300 цыра) асигарет.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп

Адырраҭараҿы иазгәаҭан ари автомашьынаҿ аԥҳәыс хыхьтәи лымаҭәа ишаҵаӡахыз 6 ҭоԥк асигарет "ROTHMANS  INTERNATIONAL", егьи аԥҳәысгьы иара убас ииалгон 5 ҭоԥк асигарет "VOGUE FRISSON".

Аалыҵ згоз ирымхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Азинеилагаҩцәа рганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны.