"Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа алашара аамҭа-аамҭала арцәара аграфик азышьақәыргылаӡом

Ашәахьа ԥхынҷкәын 7 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа абрифинг аҟны аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аҟәа алашара аамҭа-аамҭала арцәара хазы игоу аграфик шьақәдыргылоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аҟәа алашара аамҭа-аамҭала арцәаразы хазы игоу аграфик ашьақәыргылара залыршахом ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

"Авариатә режим ала аус зуа астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿи астанциа маҷ "Аҟәа - 2" аҿи амчратә трансформаторқәа ирықәу аидара рацәамхарц азы, урҭ ирыдҳәалоу ахархәаҩцәа рахь афымцалашара анашьҭра аамҭа-аамҭала иԥкхоит иаҭахны ианыҟалалакгьы", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Иазгәаҭоуп анаплакы излалшо ала изакәанымкәа афымцацаҳәа зыҽзаԥызшьуа ахархәаҩцәа раарԥшра ишаҿу. Урҭ ишақәнагоу еиԥш иахьырхәхоит рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Амца ахы ыҵнахит 33-тәи афидер (аихшарҭатә цәаҳәа – аз..) "Иашҭхәа " аҿы. Амцакра иахҟьаны иблит 16 фидер, асекциатәқәа ҩбеи алагалатәиқәа ԥшьбеи. Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Аҟәатәи астанциа маҷ аҿы амашәыр аан ааха зауз Краснодарҟа днаргеит

Уи аҽныҵәҟьа аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы.

Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3- мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

Ԥхынҷкәын 5 рзы Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит Ажәытә ҳаблаҿ, аҿкрачымазаратә хәышәтәырҭаҿ, ачазауад аҿы афымца роуа ишыҟаҵаз. Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иара иҳәеит дшақәгәыӷуа ԥхынҷкәын 6 рзы егьырҭ Аҟәа араионқәа рахь алашара анеира алшартә иҟалап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: