Астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.
"Алашара ҟалаӡом анырҳәа ақыҭахь ҳцар акәхеит. Ахәыҷы дызмоу изы даара иуадаҩуп фымцалашарада, ахьҭа илалар ҳәа сшәан, ақыҭахь ҳааит. Сандуи сабдуи ҳаара иеиӷәырӷьеит. Ара усҟак иуныԥшӡом алашара ҩ-сааҭк иандырцәо, избанзар, анхацәа аҩн усқәа рнапы рылакуп, амҿы, ауҭра, амхы уҳәа. Алашара змамкәа Аҟәа иаанхаз аиашазы даара ирыцҳасшьоит, ҳара уажәшьҭа иҳарҭеит, аха еиҭа идырцәар ҳәа сшәаны макьана сцаӡом. Ҳара хатәы ҩнуп иҳамоу, аха алашара аныҟам иаразнак ихьҭахоит. Аҩны ауаџьаҟ амаӡам, фымцалашаралоуп ҳаҽшҳарԥхо. Агаз ҳамоуп, уи ахәы аныҟаҳҵо ауп ианаҿаҳкуа, аха даара сацәшәоит. Аҟәа ҳгәылацәа агәынамӡара рымоуп, жәаҳәарада, уи иагьеилкаауп. Аҭаацәа аус руеит, рус ааныжьны ақыҭаҿы изаанкылом, рхәыҷқәа хәыҷуп, урҭ аанрыжьыртә иҟам, аҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым, алашара аҟамзаара аџьбаа ду днарбоит аҭаацәарақәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Кчач.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа ақалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп
Аҟәа ахәҭак ҩаԥхьа фымцалашарада иаанхеит