Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лашарада иаанхаз Аҟәа анхаҩы: иҳарҭеит, аха еиҭа идырцәар ҳәа сшәаны макьана аҩныҟа сцом

© Foto / предоставила Сабина Кчач Сабина Кчач
Сабина Кчач  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лашарада иҟоу аҳҭнықалақь араионқәак рынхацәа алашара аҟамзаара рыԥсҭазаара анырра шанаҭаз атәы, насгьы аамҭала ахыҵакырҭа шылыԥшааз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ан қәыԥш Сабина Кчач.

Астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

 

Лашарада иаанхаз Аҟәа анхаҩы: иҳарҭеит, аха еиҭа идырцәар ҳәа сшәаны макьана аҩныҟа сцом

"Алашара ҟалаӡом анырҳәа ақыҭахь ҳцар акәхеит. Ахәыҷы дызмоу изы даара иуадаҩуп фымцалашарада, ахьҭа илалар ҳәа сшәан, ақыҭахь ҳааит. Сандуи сабдуи ҳаара иеиӷәырӷьеит. Ара усҟак иуныԥшӡом алашара ҩ-сааҭк иандырцәо, избанзар, анхацәа аҩн усқәа рнапы рылакуп, амҿы, ауҭра, амхы уҳәа. Алашара змамкәа Аҟәа иаанхаз аиашазы даара ирыцҳасшьоит, ҳара уажәшьҭа иҳарҭеит, аха еиҭа идырцәар ҳәа сшәаны макьана сцаӡом. Ҳара хатәы ҩнуп иҳамоу, аха алашара аныҟам иаразнак ихьҭахоит. Аҩны ауаџьаҟ амаӡам, фымцалашаралоуп ҳаҽшҳарԥхо. Агаз ҳамоуп, уи ахәы аныҟаҳҵо ауп ианаҿаҳкуа, аха даара сацәшәоит. Аҟәа ҳгәылацәа агәынамӡара рымоуп, жәаҳәарада, уи иагьеилкаауп. Аҭаацәа аус руеит, рус ааныжьны ақыҭаҿы изаанкылом, рхәыҷқәа хәыҷуп, урҭ аанрыжьыртә иҟам, аҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым, алашара аҟамзаара аџьбаа ду днарбоит аҭаацәарақәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Кчач.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0