Аԥсны аҭаацәа ргәыԥ ашколқәа рҿы аԥкрақәа аԥыхзарц адҵа ҟарҵоит

Атәылаҿ акоронавирустә инфекциа алаҵәара инадҳәаланы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥкрақәа рыҿҳәара ажьырныҳәа 12 рҟынӡа днахеит. Арахь иаҵанакит ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ашколқәа рҿтәи аҭаацәаратә еилакқәа рхаҭарнакцәа Аԥсны ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит ашколқәа аартызарц азы. Аԥшьгаратә гәыԥ иагәҭакуп ауаажәларратә еиҿкаара "Азеиԥшмилаҭтә ҭаацәаратә еилакы" аԥырҵарц.

Нарманиа Аԥсны онлаин аҵара алагаларазы: хжьагахоит

Аиҿкаара аилазаара иалагалахоит жәҩык – араионтә ҭаацәаратә еилакқәа рхаҭарнакцәа. Аидеиа авторцәа Аԥсны ашколқәа аартны аҵаратә процесс еиҭахацырктәуп ҳәа иршьоит.

"Ҳаамҭазтәи аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иаҳнарбоит ахәыҷқәа ринтересқәа рыдгыларада ԥсыхәа шыҟам. Аҵараз азакәанҵәҟьа ҳамам. Уажәы аекспериментқәа рымҩаԥгара иалагоит. Ҳара итрадициатәу аҵарадырра ҳадгылаҩцәоуп, ҳхәыҷқәа ашколқәа рахь ирхынҳәызарц аҳәара ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит активистка Мадина Гәымԥҳа.

Уи илықәшаҳаҭуп егьырҭ аилак аиҿкаара аԥшьгаҩцәагьы. Дара иазгәарҭоит атәыла аиҳабыра ахәыҷқәа рзинқәа еиларгоит ҳәа.

"Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аҭакԥхықәра зду аҭаацәа ҳауп. Изҭахым аӡәыр дыҟазар, имышьҭааит ахәыҷқәа ашкол ахь", - ҳәа лҳәеит аҭаацәа руаӡәк.

Аҭаацәаратә гәыԥ, адистанциатә ҵара иаҿҵагыло, реилатәара мҩаԥган Аҟәа, ԥхынҷкәын 9 рзы.

Аԥсны ашколқәа рҟны адистанциатә ҵаразы онлаин-платформа алагалахоит

Аилатәараҿы иаԥхьеит Аслан Бжьаниа иахь иҟарҵаз ааԥхьара атекст. Уа иаҳәоит аҭаацәа агәҭынчымра шаадырԥшуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы арҵаратә процесс аанкыланы иахьыҟоу азы.

"Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит аҵарашықәс ианаамҭоу иахьалагаз. Аамҭа акыр ишыуадаҩызгьы, ахәыҷқәа уи иазыҟаҵан, зегь рыла еиқәыршәан. Иахьазы агәрагара ыҟам ҳхәыҷқәа рҵарахь хара имгакәа ихынҳәып ҳәа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Адокумент иара убасгьы ианыԥшуеит аԥшьгаратә гәыԥ рыдҵа: аҵара атрадициатә метод ахь ахынҳәра, аӡынтәи, ааԥынтәи, аԥхынтәи ԥсшьарамшқәа рыркьаҿра, апрограмма иаҵамхартә аҟаҵара.

"Агәра аагоит ҳҳәынҭқарра ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи рҟны асанитар-гигиенатә ҭахрақәа зегьы реиқәыршәара шалшо", - ҳәа рҳәоит аҭаацәа.

Активистцәа ирҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара аиустициа аминистрраҿы ашәҟәы ишҭаргалалак, атәыла ахада иахь анеира ргәы ишҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: