Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нарманиа Аԥсны онлаин аҵара алагаларазы: хжьагахоит

© Foto / предоставлено Науром НарманияНаур Нармания
Наур Нармания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада, Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Наур Нарманиа ашколқәа рҿы апандемиа аамҭазы онлаин ҵара алагаларазы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит.
Нарманиа Аԥсны аонлаин аҵара алагаларазы: хжьагахоит

Ашкол аҿы имҩаԥысуеит аҵара-ааӡаратә процесс. Иахьа ахәыҷы аҵара ирҵо, уаҵәы дааӡо – уи ииашаӡам, арҭ еимадазароуп ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы арҵаҩы.

Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашколқәа рҟны адистанциатә ҵаразы онлаин-платформа алагалахоит

"Сара излазбо ала, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟноуп акарантин бжьагалан иахьыҟоу. Ахатәы школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аҵаратә процесс цоит. Уаҟа иауазар, егьырахь изамуеи? Уи иашам ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷы иҩызцәа дрыларгыланы дааӡатәуп. Аҩны дыҩнакны, аурокқәа зегьы дырхысуа, асааҭ 9 инаркны 2-нӡа амонитор дадыртәаланы... Уаанӡа агаџьетқәа сааҭк еиҳаны ахәыҷқәа иркыр ҟалаӡом ҳәа ҳҳәозҭгьы, уажәы шьыбжьаанӡа онлаин аурокқәа ҟаҵала ҳәа идаҳҵоит. Уи ашьҭахьгьы еиҭа иҟаиҵаз адҵақәа зегьы ҭыхны ишьҭны - ари илақәа агоит, игәабзиарагьы иазеицәоуп, ихәда, ибӷа ааԥсоит. Насгьы излаибои арҵаҩы - ахәыҷы аурок еиликааҵәҟьама, дызҿуи амонитор егьи аганахьала. Аҵара онлаин имҩаԥаҳгеит ҳәа ҳхы жьаны хара ҳазцом", - ҳәа иҳәеит Нарманиа.

Арҵаҩы игәаанагарала, иахьатәи аамҭазы аҵаратә процесс иацҵатәуп еиларсу аметодқәа рыла.

"Ҳара онлаин ҵара зынӡа мап ацәктәуп ҳәа акәӡам ишаҳҳәаз. Еиларсны. Ахәыҷқәа ашкол ахь изнеиуа, аклассикатә урокқәа иазыӡырҩыртә еиԥш гәыԥ-гәыԥла ишаны, аҩыратә маҭәарқәа уа иахысуа, егьырҭ, ҿырҳәалатәи - онлаинла иахысуа, абас еидҳәаланы иахьынӡалшо хырхырҭак аҭаны аҟаҵара азин ыҟазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит арҵаҩы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0