АҞӘА, ԥхынҷкәын 11- Sputnik. Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿи Очамчыра ахадара аҿаԥхьеи иқәыргылахо ибаҟа апроект азы азыҳәақәа рыдкылара хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Иаарту аицлабра аусутә гәыԥ анапы ианҵоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа 25 рҟынӡа апроекттә усумҭақәа рыдкылара хдыркәшарц.
Аконкурс амҩаԥгашьа аҭагылазаашьақәа рдырра алшоит "Аԥсны аҩбатәи ахада С.У. Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы иаарту Жәларбжьаратәи аконкурс амҩаԥгараз" аԥҟарақәа рҿы.
Аконкурс рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса, хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы Аԥсны ахадас далхын. 2009 шықәса рзы аҩбатәи аҿҳәарала ахадас деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса, лаҵара 29 рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны
Валери Багаԥшь: Сергеи Багаԥшь игәгьы, иԥсгьы, ихгьы Џьгьардоуп иахьыҟаз