Арадио

Чамагәуа еиҭеиҳәеит "Адемографиа арҿиара - 2020" апрограммала аԥарашәара шымҩаԥысуа

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы абиуџьетнҭыҵтәи афонд сынтәа ахшара дзауз ирзоурыжьыз аԥарақәеи уи азы ашәарақәа шымҩаԥысуа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Арепатриациа афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа.
Sputnik

Апрограмма "Адемографиа арҿиара - 2020" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ иреиуоу аҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшареи ирышьҭанеиуеи рзы знык ала 100 нызқь мааҭ рзыршәоит.

Чамагәуа еиҭеиҳәеит "Адемографиа арҿиара - 2020" апрограммала аԥарашәара шымҩаԥысуа

"Иахьазы 400-ҩык инареиҳаны аԥара роухьеит, уи 40 миллион мааҭ артәоит. Ашықәс аҩнуҵҟа арҭ ашәарақәа 50 миллион мааҭ рзоужьуп. Асиақәа иҵегьы ҳадаҳкылоит. Егьи амчыбжь азы 31-ы аԥара рзоужьын, даҽа 10-ҩык рсиа ҳадаҳкылеит. Ҳара аус аауеит есҽны, ауаа ҳадаҳкылоит, иаҭаху ашәҟәқәа рыҵаҳҳәоит", - иҳәеит Чамагәуа.

Иара иазгәеиҭеит сынтәа аԥара аиура иахьымӡаз иааиуа ашықәс азы ирызшәахоит ҳәа агәаанагара шимоу, избанзар ҵыԥх аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ашәҟәы алаҵаны аԥара аиура иахьымӡаз, сынтәа ирзыршәеит.
Иааиуа ашықәс азгьы аԥсуа ҭаацәарақәа ахԥатәи ахшареи, урҭ ирышьҭанеиуеи рзы 100 нызқь мааҭ рызшәаразы абиуџьет аҟны 50 миллион мааҭ арбоуп.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: