250 инареиҳаны аԥсуа ҭаацәарақәа ахԥатәи ахәыҷы изы аԥара рзыршәеит

CC0 / / Младенец
Младенец  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Адемографиа арҿиара 2020" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ еиуоу аҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшареи ирышьҭанеиуеи рзы знык ала 100 нызқь мааҭ рзыршәоит. Уи азы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы Абиуџьетнҭыҵтәи афонд сынтәа иазоужьуп 50 миллион мааҭ.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. 250 инареиҳаны аԥсыуа ҭаацәара ахԥатәи ахәыҷы изы 100-100 нызқь мааҭ аԥарашәарақәа рырҭеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа.

Иара иажәақәа рыла, аԥарашәарақәа мҩаԥысуамызт жьҭаарамза аахыс абиуџьетнҭыҵтә фонд "Азҳара" ауалқәа ахьақәыз азы. Уаанӡа ари афонд акәын аԥарашәарақәа ҟазҵоз. Аԥараанкылара иара убас мзызс иаиуит акарантингьы.

Аԥсны акоронавирус иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа анаԥырх ашьҭахь Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак уаанӡатәи аусуратә режим ианазыгьежь, арзаҳалқәа рыдкылареи аԥашәарақәа рымҩаԥгареи иалагеит.

"Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак уаанӡатәи аусуратә режим ианазыгьежь, арзаҳалқәа рыдкылареи аԥарашәарақәа рымҩаԥгареи хацнаркит. Аԥара ршәомызт жьҭаарамза аахыс абиуџьетнҭыҵтә фонд "Азҳара" ауалқәа ахьақәыз азы. Жьҭаара 1, 2019 шықәса раахыс арзаҳалқәа 258 рыдкылоуп. Урҭ рҟынтәи 43 арзаҳал афонд "Азҳара" ахь инашьҭын. Иахьазы аԥарашәарақәа зегьы рзынагӡоуп", - иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.

Уаанӡа аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа анилакгьы аԥара рзашәон агәыҳалалратә фонд "Азҳара". 2020 шықәса инаркны ари аус анапы ианҵоуп Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак.

Младенец  - Sputnik Аҧсны
Ахԥатәи изы шә-нызқь мааҭ: адемографиа аминистрра аԥсуа ҭаацәарақәа ԥарала ирыдгылоит

"Хышықәса рыҩнуҵҟа ацхыраара рыҭан 1300 ҭаацәара. Аха афонд "Азҳара" алшарақәа ахьыԥкыз инадҳәаланы урҭ аԥарашәарақәа анапы ианырҵеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭеилакы. Апрограмма ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа. Абри ахықәказы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭеилакы Абиуџьетнҭыҵтәи афонд 2020 шықәсазы 50 миллион мааҭ азоужьуп. Уаанӡатәи ашықәсқәа рыстатистикала шықәсык ала ииуа рхыԥхьаӡара 500-ҩык иреиҳам", – ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.

100-100 нызқь мааҭ рзыршәоит милаҭла иаԥсыуаау аҭаацәарақәа. Убри азы аҭаацәа аилак ахь инеины арзаҳал рҩыроуп. Арзаҳал иацзароуп атәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа, аҭыӡҭыԥ аҟынтә аршаҳаҭга, ахәыҷқәа риразы аршаҳаҭга, аҭаацәара алаларазы аршаҳаҭга рыхкьыԥхьаақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0