Аҟәа зегьы фымцалашара еиқәыршәахоит ԥхынҷкәын 13 ахәылбыҽха

Аԥсны аҳҭнықалақь аиҳарак фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 5 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны абылра аныҟала ашьҭахь. Афымцамчусзуҩцәа излазгәарҭо ала, иҟалаз амашәыр аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы иҟалахьоу авариақәа зегьы иреиҳауп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аус адырухьеит, аҳҭнықалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәахоит ԥхынҷкәын 13 ахәылбыҽха ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Аҟәа зегьы макьана афымцалашара шьақәыргылам, аха "Аҟәа-1" аусура иалаҳаргахьеит, уажәы ацәаҳәақәа зегьы шьаҿа-шьаҿала раҿакра иаҿуп, афымцамчхарақәа еихыршоит. Сгәанала, ахәылбыҽха аусурақәа зегьы хыркәшахоит, анормазь ҳкылсуеит ҳәа", - иҳәеит иара.

Џьынџьал иажәақәа рыла, Аҟәа уажәшьҭарнахыс афымцалашара арцәара иаҟәыҵуеит ацәаҳәақәа зҵоу аидара иацымлар, аха ус ҩаԥхьа ианыҟала, аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик алагалатәхоит.

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 рзы. Убри иахҟьаны Аҟәа агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Иашҭхәа ақыҭеи мышқәак фымцалашарада иаанхеит. Иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы адԥхьалан.

Асабша, ԥхынҷкәын 12 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аусура иаларган атрансформаторқәа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: