Аҟәа зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп

Уаанӡа Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәахоит ԥхынҷкәын 13 ахәылбыҽха ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны афымцамчхарақәа зегьы раҿакразы аусура зегьы хыркәшоуп, аҳҭнықалақь афымцалашаразы иамаз ауадаҩрақәа аԥыхуп ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Иара убасгьы иазгәаҭоуп астанциа маҷқәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2" абжьааԥнытәи арежим ала аус шыруа, аха уеизгьы ацәаҳәақәа мыцхәы аидарақәа рықәлоит ҳәа ашәарҭара шыҟоу.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны ишырҳәо ала, изакәанымкәа афымцацәақәа рҽызԥызшьуа ахархәаҩцәа рыԥшаареи раҿыхреи иазырхоу аусура ишацырҵо.

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 рзы. Убри иахҟьаны Аҟәа агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Иашҭхәа ақыҭеи мышқәак фымцалашарада иаанхеит. Иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы адԥхьалан. Мчыбжьык ашьҭахь, асабша, ԥхынҷкәын 12 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аусура иаларган атрансформаторқәа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: