Арадио

Кьетиаԥҳа: ҳахәмаргақәа ирыбзоураны ахәыҷқәа аԥсышәала ашәаҳәара иалагоит

Аԥсышәала ицәажәо ахәмаргақәа рыдәқьан аԥшәма Сабина Кьетиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ахәмаргақәа ҳбызшәала рырцәажәаразы ахшыҩҵак шлызцәырҵыз.
Sputnik
Кьетиаԥҳа: ҳахәмаргақәа ирыбзоураны ахәыҷқәа аԥсышәала ашәаҳәара иалагоит

"Хәышықәса раԥхьа ахшыҩҵак сызцәырҵит еиуеиԥшым ахәмаргақәа, амультфилмқәа рфырхацәа аԥсышәала ашәа рҳәо аҟаҵара, ахәыҷқәа урҭ ирыцхәмарны рхатәы бызшәа раҳауа иҟаларц азы. Ари акраамҭа сцәагеит, аха шықәсык аԥхьа еиқәсыршәеит аԥсышәала ашәа зҳәо ахәмарга. Уи заҳаз иргәаԥхеит, сара амч снаҭеит ԥхьаҟа ацаразы. Иахьазы иҳамоуп ахәмаргақәа аԥхьаӡашьа узырҵо, аԥштәқәа ирызкны ашәа ӡҳәо, асас пату шиқәҵатәу ахәыҷқәа идзырҵо. Дара ирҳәо ашәақәа ҳхәыҷра ашықәсқәа раан иаҳҵоз роуп. Ашықәс ҿыц азы еиқәыршәоуп Аҵаа Бабаду Таиф Аџьба иажәеинраала зҳәо. Апрактика иаҳнарбоит арҭ ахәмаргақәа ирыбзоураны ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ирласны ашәаҳәара ишалаго", - лҳәеит Кьетиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: