Лагәлаа ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат иазкны: аамҭа рацәа агаӡом
© Sputnik
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ԥсоу аҳәааҟны агәаранқәа рацәоуп, ауадаҩрақәа зыхҟьо ируакуп Аҳазалхратә еидгыла аԥҟарақәа рықәныҟәара. Урҭ инарықәыршәаны ауаҩы ииго ақыҭанхамҩатә аалыҵ хә-кьылак еиҳаны иацзароуп ахаҭабзиаразы асертификат. Аидара 25 кьыла еиҳазар, адекларациа хаирҭәаароуп", - иҳәеит Лагәлаа.
Аԥсны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы асертификациа аҟәша аиҳабы Инал Лагәлаа иажәақәа рыла, ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат аиура аамҭа рацәа агом. Иахьазы амобилтә гәыԥ убасгьы аус ауеит аҳәааҟны.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ацитрустә шәырқәа Аԥсны аҳәаа рахыгара иазкны
Инаԥшьба: анхаҩы ицитрустә аалыҵ аҳәаа иахигарц азы ашәҟәқәа зегьы реизгара илшаӡом