Аԥсны Жәлар Реизараҟны рыбжьы рҭиит аиҿкаарақәа рхашәалазы ашәахтә аҭышәныртәаларазы азакәанԥҵаратә актқәак рыԥсахразы. Уаанӡа ахашәалазы ашәахтә араионқәеи аҳәынҭқарреи рыбжьара 50/50 ҳәа ишон. Уажәы иааизакны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ирызцоит, инеиуеит аҭыԥантәи абиуџьет ахь. Ахәцҵазы ашәахтә, уи аԥхьа иара араионқәа зегьы рҟны еиԥшымызт, уажәы ишеибгоу ареспубликатә биуџьет ахь инеиуеит.
"Ахашәалазы еизо ашәахтә зегьы араион иахьазынхо даара ицхыраагӡоуп, иханарҭәаауеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара еиҭеиҳәеит араион абиуџьет ахарҭәааразы аплан анагӡара шалыршахаз, ашықәс иалагӡаны аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡаз аусурақәа ртәы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Апарламент иаԥсахит ахашәалазы ашәахтә аҭышәныртәалашьа аԥҟара
Бараҭелиа ашәахтә аҭышәныртәаларазы аԥсахрақәа ирызкны: араионқәа рзы акраҵанакуеит
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа Аҟәа араион иахьатәи абзазашьа иазкны