Аԥсны Апарламент иаԥсахит ахашәалазы ашәахтә аҭышәныртәалашьа аԥҟара

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии в одном из отделений "Почты России".
Выплата пенсии в одном из отделений Почты России. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект араионқәа ршәахтәлшара аизырҳара иазырхоуп. Иара аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ирнаҭоит алшара анаплакқәа еиуеиԥшым апреференциақәа рзышьақәдыргылаларци урҭ рыдгыларазы аӡбарақәа рыдыркылаларци.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥхынҷкәын 9 рзы Аԥсны Апарламент аҿы рыбжьы рҭиит Аԥсны аиҿкаарақәа рхашәалазы ашәахтә аҭышәныртәаларазы азакәанԥҵаратә актқәак рыԥсахразы.

Азакәан апроект рыдылгалеит абиуџьет азы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.

Заседание Парламента Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи абиуџьет аднакылеит

"Ахашәала ашәахтә уаанӡа иҭышәыннартәалон хаз игоу азакәан, убри азоуп апроект аҿы изҳәоу "закәанԥҵаратә актқәак рҿы" ҳәа. Уаанӡа ашәахтә 50/50 ҳәа ишон. Уажәы иааизакны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ирызцоит. Аҭыԥантәи абиуџьет ахь инеиуеит. ахәцҵазы ашәахтә акәзар (НДС) акәзар, уажәы ишеибгоу ареспубликатә биуџьет ахь инеиуеит", - ҳәа лҳәоит адепутат.

Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит ахада Иусбарҭа азакәан апроект ишадгыло.

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит азакәан апроект актәии аҩбатәии аԥхьарақәа рыла ирыдкылатәуп ҳәа, избанзар 2021 шықәсазтәи абиуџьет ауп ҳзакәан зызку, ахашәала ашәахтә зегьы аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь инеиуеит. Раԥхьа иргыланы аҭыԥантәи анапхгарақәа аинтерес ркуеит арҭ араионқәа рҿы иҟоу аекономика асубиектқәа, афирмақәа, аиҿкаарақәа еиҳа хра рыманы аус руларц, ахашәала роуларц, уи ахашәала ашәахтә ршәаларц. Ашәахтәқәа ракәзар аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь инеилоит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Апроект араионқәа ршәахтә лшара аизырҳара иазырхоуп. Иара аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ирнаҭоит алшара анаплакқәа еиуеиԥшым апреференциақәа рзышьақәдыргылаларци урҭ рыдгыларазы аӡбарақәа рыдыркылаларци.

Ажәабжьқәа зегьы
0