Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит

Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 14 рзы. Акциақәа иара убас имҩаԥысит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Лаҭа, Аҟәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит.

Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит. 

"10-тәи ашкол авараҿы иҟоу апарк аҟынтәи ацәашьқәа кны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟынӡа ҳнаӡеит. Уа ацифра 87-еи авертолиот афигуреи ацәашьқәа ирылхны иҳаргылеит. Ацәашьқәа жәанызқь цыра аҳаркит", - лҳәеит акциа алахәыла, Лаҭа авертолиот иҭаблыз Аԥсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа иашьа иԥҳа Иарна Занҭариаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, шьыбжьон, ԥхынҷкәын 14 рзы 35-ҩык активистцәа Лаҭа ақыҭахь ицаны, авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит, ажәҩан иаларҵеит 87 мпышҭарч шкәакәақәа.

 

Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.

Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы  уи аамҭазы Қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.

Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Уи иара убасгьы иҭан еицырдыруаз аԥсуа командирцәа Владимир Анцупов, Аслан Занҭариа, даҽа жәаҩаҩык аибашьцәа.

 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: