00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит

© Sputnik / Акоп Кущян Акция в Сухуме в память о Латской трагедии
Акция в Сухуме в память о Латской трагедии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 14 рзы. Акциақәа иара убас имҩаԥысит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Лаҭа, Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит.

Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит. 

"10-тәи ашкол авараҿы иҟоу апарк аҟынтәи ацәашьқәа кны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟынӡа ҳнаӡеит. Уа ацифра 87-еи авертолиот афигуреи ацәашьқәа ирылхны иҳаргылеит. Ацәашьқәа жәанызқь цыра аҳаркит", - лҳәеит акциа алахәыла, Лаҭа авертолиот иҭаблыз Аԥсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа иашьа иԥҳа Иарна Занҭариаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, шьыбжьон, ԥхынҷкәын 14 рзы 35-ҩык активистцәа Лаҭа ақыҭахь ицаны, авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит, ажәҩан иаларҵеит 87 мпышҭарч шкәакәақәа.

© Sputnik / Константин ГрецовЛаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит - Sputnik Аҧсны
1/3
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит
© Sputnik / Константин Грецов Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит.
Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит. - Sputnik Аҧсны
2/3
Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит.
© Sputnik / Константин Грецов Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.
Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа. - Sputnik Аҧсны
3/3
Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.
1/3
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит
2/3
Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит.
3/3
Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.

 

Агәалашәара акциа еиҿыркааит активистцәа ҿарацәа.

Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы  уи аамҭазы Қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.

Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Уи иара убасгьы иҭан еицырдыруаз аԥсуа командирцәа Владимир Анцупов, Аслан Занҭариа, даҽа жәаҩаҩык аибашьцәа.

 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0