Бжьаниеи Патрушеви Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаара иалацәажәеит

Аԥсны ахада Аслана Бжьаниеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви реиԥылара мҩаԥысит ахада Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслана Бжьаниеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаара иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Хаҭала ирзааҭгылан ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адуларатә наплакы аԥҵара, абаҳчақәа реиҭашьақәыргылареи реиҭаԥҵареи, арахәааӡара, аԥсаатәааӡара, аԥсыӡааӡара аусхкқәа, ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиԥылара иалахәыыын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Џьамбулат Хотуов.

Аԥсны ахада Аслана Бжьаниа Урыстәыла иҟазаараан аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: