АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ӡыда иаанхоит ԥхынҷкәын 20 асааҭ 22:00 инаркны ԥхынҷкәын 21, асааҭ 24:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Аҳҭнықалақь зегьы ӡыда аанхара мзызс иамоу амҩадуқәа хԥа - Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы - аӡымҩангагақәа рыԥсахра иахьаҿу ауп.
Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.