АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 413-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 102-а акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 107-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 91-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 64-ҩык пациент. 59-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
- Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>