Акоронавирус рыдырбалеит шәҩык иреиҳаны Аԥсны ауааԥсыра

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7704-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5724-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 101-ы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 413-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 102-а акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Ҵахнакьиа: акоронавирустә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аха хылаԥшра ауҭартә иҟоуп

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 107-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 91-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 64-ҩык пациент. 59-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0