Аԥсны аҳәааҿы иаанкылоуп аҳәаахьчаратә режим еилазгаз ауаа

Адлер араион ақыҭақәа Нижниаиа Шиловкеи Весиолоеи усура ҳәа иааз аҳәаанырцәуаа иахәҭаз адокументқәа рымаӡамкәа аҳәаахьчаратә зонаҿ иҟан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Уаанӡатәи асовет республикақәа ртәылауаа быжьҩык Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа реилагаразы иаанкылан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳәаанырцәуаа иахәҭаз адокументқәа рымаӡамкәа аҳәаахьчаратә зонаҿ иҟан. Дара арегион аҵакырахь аусуразы иааит. Иаанкылаз рыхәҭак административтә ҭакԥхықәра рыдҵаны ахараԥса дыршәахоит.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит ԥкырада аҳәаахьчаратә зонаҿ аҟазааразы ухаҭара шьақәзыргыло адокументқәа рыдагьы аушьҭразы ашәҟәы умазароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: