Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡба Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара арыцхә иазкны

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Аслан Аҩӡба ахҳәаа аиҭеит ааигәа ауаажәларратә усзуҩ, апоет Денис Чачхалиа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара арыцхә азы иҟаиҵаз ажәалагала.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡба Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара арыцхә иазкны

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба ԥхынҷкәын 17 рзы аҭоурыхҭҵааҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, уа зҵаарас ишьҭыхын ауаажәларратә усзуҩ Денис Чачхалиа аԥсуа ҳәынҭқарра 780-тәи ашықәс азы ишьақәгылеит, уи есышықәса иазгәаҭалатәуп ҳәа иҟаиҵаз ажәалагала.

Ари аиԥылара иалахәыз аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала, ари арыцхә алкааны Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара иамшуп ҳәа аҳәара иашам.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: