Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара амш азы: ажәлар ргәы шьҭызхуа акәхоит

© Foto / Из личного архива Дениса ЧачхалияДенис Чачхалия
Денис Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Денис Чачхалиа ааигәа асоциалтә ҳақәа рҟны ажәалагала ҟаиҵеит аофициалла ишьақәырӷәӷәазарц аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара амш. Уи атәы иара иаҳа инарҭбааны дазааҭгылеит арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны.
Чачхалиа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара амш азы: ажәлар ргәы шьҭызхуа акәхоит

Аҭоурыхҭҵааҩы Денис Чачхалиа Аԥсуа ҳәынҭқарра анышьақәгылаз ҳәа иаликаауеит аабатәи ашәышықәса 780-тәи ашықәс.

"Ари ҭоурыхтә аартроуп, убри аҟынтә уаанӡа иаҳмаҳацызт, ҳарҵага шәҟәқәагьы иргәыламлацызт. Аԥшьгамҭа ҟалаанӡа (арыцхә азгәаҭаразы - аред.) аартра ҟалеит. Аԥшьгара ҟазҵаз Надежда Венедиктова  (ашәҟәыҩҩы) лоуп, Леила Ҭаниаԥҳаи Гәыли Кьычԥҳаи ақәҿырҭит. Ари ааигәа иаасыртит, сацклаԥшуан аԥхьагьы, аха арыцхәқәа реиқәымшәара ыҟан. Уажәы ажәытә напҩырақәа ҭысҵаауеит, ажәытә ашықәсанҵақәа уаҩҵас ҳармыԥхьацызт. Ари зтәу ақырҭқәа роуп ҳа ҳаԥхьаӡон, аха уажәы излааԥшыз ала изтәу аԥсуаа ҳауп. Иҟаз ахҭысқәа қарҭвел бызшәала ианҵан, аха ахы инаркны аҵыхәанӡа иаҳәо аԥсуа ҳәынҭқарра аҩнуҵҟа иҟаз ауп.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0