Каман ақыҭантәи ацҳа аремонт ԥхынҷкәынмзазы иалгараны иҟоуп

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа ала Каман ақыҭантәи ацҳа аремонт абҵарамзазы иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21– Sputnik. Каман ақыҭантәи ацҳа аремонт ԥхынҷкәынмзазы иалгараны иҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара атехникатә хылаԥшраз Аусбарҭа аҟәша аиҳабы Саид Саманба.

Иара иажәақәа рыла ацҳа аремонт аҭахызижьҭеи акырҵуан, аҵыргәақәа ԥхасҭан. Убри азы абетонтә еибаркырақәа абгара иалагахьан.

"Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа ала Каман ақыҭантәи ацҳа аремонт абҵарамзазы иалагеит. Ԥхынҷкәынмзазы ихыркәшахоит. Асметаҿы иарбоуп аӡы аҟәара адамбақәагьы. Уажәы ацҳа аркуп, абетон ҿыц ҭадырҭәоит. Ауаа рымҩасразы аамҭалатәи амҩасырҭа ҟаҵоуп", - иҳәоит Саманба.

Саманба иазгәеиҭеит аремонт ишазоужьу 12 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: