Бжьаниа: аҳәаа ахысра амариахаразы ҩышықәсаҟа аҭахуп

Ацитрустә сезон иаалагазар аушьҭырҭатә автомашьынатә цәаҳәа "Адлер" аҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ ииазго аидарамҩангагақәа риасра уадаҩхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра амариахаразы ҩышықәсаҟа аҭахуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ателеканал RT амҩаԥгаҩ изҵаара аҭак ҟаҵо.

"2014 шықәса абҵарамзазы Урыстәылеи Аԥсни рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аҟны иарбоуп аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аусура арежим ырмариатәуп ҳәа. Уа иаԥҵатәуп ауааԥсыреи атранспорти уадаҩрада рахысра алыршара. Уи азы аамҭа аҭахуп, сгәанала ҩышықәса иреиҵамкәа", - иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аушьҭырҭатә ҭыԥ аусура арежим иадҳәалоу апроблемақәа рынаскьагара шалымшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: