Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаратә маҵзурақәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииаргахьеит 24 нызқьи 800 тонна ацитрусқәа. Ари арбага ҩынтәны 2019 шықәсазтәи арбага еиҳауп. 2019 шықәсазы Урыстәылаҟа ииаган жьҭаарамза инаркны жәабранмзанӡа 12 000 тонна ацитрус шәырқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭеи рхаҭарнакцәа атәылақәа рҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны аиԥылара мҩаԥыргеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҳазалхратә Еилакы апресс-маӡаныҟәгаҩ Кристина Гогьиаԥҳа.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭеи рхаҭарнакцәа аиԥылараҿ иалацәажәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомабилтә цәаҳәа аушьҭралшара азҵаареи, ацитрус аалыҵ аекспортиорцәа дуқәа рзы аҳазалхратә шәҟәеиҿкаара армариара азҵаареи.

"Арҭ азҵаарақәа рыӡбразы ажәалагалақәа ҟаҵан аҳәынҭқарратә хылаԥшратә усбарҭақәа еиҳа еизааигәаны еинырларц аҳазалхратә политика анагӡаразы", -лҳәеит лара.

Гогьиаԥҳа илҳәеит аҳазалхратә процедурақәа рхысра арццакразы ишалагалоу апрактика – аекспортиор ду изы ихазу ацәаҳәа аужьра, аԥсуа ган аҿы аиԥш аурыс ган аҿгьы.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт ҩынтәны еиҳауп 2019 шықәсатәи арбагақәа раасҭа

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит автотранспорттә хархәагақәа ишабалак реиламгылара. Уажәы аекспортиор дуқәа аҳазалхратә шәҟәеиҿкаара анымҩаԥырго еиҳа ирмариоуп. Ари апрактика ааигәоуп ианалагало. Иҵоуроу адинамика аанарԥшуеит",- лҳәеит Гогьиаԥҳа.

Ԥсоу хыԥхьаӡара рацәала амашьынақәа реилагылара зыхҟьо дара рырацәароуп, ацитрус аалыҵ ахышәаҵышәа арацәароуп.

Гогьиаԥҳа илҳәеит хара имгакәа ишазыԥхьагәаҭоу аҩбатәи аусбарҭабжьаратә еиԥылара амҩаԥгара иҟаҵоу аус аихшьаалақәа рыҟаҵаразы.

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа аҳазалхратә хылаԥшра иахысуеит 700 еидарамҩангага машьына. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" акырынтә аусура ахьанҭара иазҳаит.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ уахи-ҽни аус ауеит. Анеирҭеи аҭыҵырҭеи рҿы аус руеит 24 цәаҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0