Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ аинспекциа азиуит

Атәыла ахада ибеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥқәа рҿы аидарақәа рымҩаԥгара шцо.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ аинспекциа азиуит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Бжьаниа: аҳәаа ахысра амариахаразы ҩышықәсаҟа аҭахуп

Аԥсуа ганахьала иҟан Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов, иара убасгьы егьырҭ аусбарҭақәа рхаҭаранкцәа. Урыстәылатәи аганахьала иҟан Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Сергеи Махорин, Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхратә маҵзура аиҳабы Виачеслав Китаиски, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.

Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиԥылараҿы ишрылацәажәаз аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" алшарақәа реизырҳареи Ԥсоу аӡиас ареконструкциа азуреи, автомашьынатә терминали рызҵаарақәа.

"Ахада инарҭбааны иҟоу аҭагылазаашьа ҭиҵааит. Изеиҭарҳәеит иахьатәи аамҭазы 35 нызқь тонна еиҳаны ацитрусқәа аҳәаа ишахыго, транспорттә хархәагак 3-4 сааҭ шаҭаху аҳәаа ахысразы. Уаанӡа ари апроцедура хаха-хымш рҟынӡа иадхалон", - иҳәеит Латипов.

Иазааҭгыланы иалацәажәан Ԥсоу ажәытә цҳа ареконструкциа азҵаара.

Латипов иҳәеит Урыстәыла аҳәаахьчаратә маҵзура Урыстәыла атранспорт аминистррахь аҳәара шыҟанаҵаз ацҳа ареконструкциа азуразы.

"Иаабоит аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭагылазаашьа аиӷьхара ишалагаз, аиҳаракгьы атәыла ахада иусутә ныҟәара ашьҭахь", - иҳәеит Латипов.

Латипов иара убасгьы иазгәеиҭеит, аҳәааҿы агәаран рацәа шыҟам, атранспорт ауааи рахысра шыуадаҩым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: