Аԥсны иҟоу Россотрудничество рџьынџьуаа COVID-19 иаҿагыланы рықәԥара азгәанаҭеит

Аурыс уаажәларратә еиҿкаарақәа Аԥсны инхо рџьынџьуаа апандемиа аамҭаан ацхыраара ду рырҭеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы Вадим Чеха ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Русская община Абхазии", "Черноморское Казачье Войско Абхазии", "Союз казаков Абхазии и казаков-ветеранов боевых действий", "Фонд развития взаимоотношений между Абхазией, ЛНР, ДНР и Россией "Отечество" акоронавирус иаҿагыланы рықәԥара азгәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Россотрудничество асаит.

Чеха инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҿкаарақәа Аԥсны инхо аурыс уааԥсыра апандемиа аамҭаан ацхыраара иҟарҵо ахәшьара шыҳараку.

Арҭ аиҿкаарақәа социалла ихьчам ауааԥсыра, ахшара рацәа змоу, Аибашьра Ду аветеранцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ацхыраара рырҭоит.

Арҭ аиҿкаарақәа русеицуразы аҳасабырба нашьҭуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы Вадим Чехеи рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: