"Араион аколлектив зегьы ҳҳәоу еиқәшәаны аус ҳуит, иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. 2020 шықәсазы планс иҳадын 61 миллион мааҭ инареиҳаны. Иахьазы араион абиуџьеҭ ахь иалаҳгалеит 71 миллион мааҭ инареиҳаны. Проценла 115% аплан нагӡоуп. Ҵыԥх аиҳа сынтәа 8 миллионк иреиҳаны иалаҳгалеит. Араионқәа зегьы рҿы иҟаз ауадаҩрақәа ҳаргьы иҳаман. Анаплакыҩцәа русура уадаҩхеит, ашәахтә ҷыда ҳәа изышьҭоу ҩымз иршәаӡомызт, рхы иақәиҭын, аха аплан анагӡараҿы зегьы ацхыраара ҳарҭеит. Ауалқәа зшәаз ыҟоуп. Ахашәалазы ашәахтә планс иҳадыз аиҳа еиҳаны еизаҳгеит. Араион аҿы абиуџьет хазырҭәаауа аиҿкаарақәаны иҟоуп "Эра", СФТИ, ООО "Позитив" уҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бжьаниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бараҭелиа ашәахтә аҭышәныртәаларазы аԥсахрақәа ирызкны: араионқәа рзы акраҵанакуеит