Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхеит

Аԥсны афымцамчтә система апроблемақәа ируакуп афымцамчтә хархәагақәа зегьы ахьажәыз.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы Гәдоуҭа ахәҭак х-сааҭк лашарада иаанхоит астанциа маҷ "Гудаута-110" аҟны аремонттә усурақәа ахьымҩаԥырго азы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Алашара ҟалом асааҭ 10.00 - 13.00 рзы. Лашарада иаанхоит ақалақь агәы, мраҭашәаратәи ахәҭа, Лыхны ақыҭа иатәу Бамбора араион.

Аԥсны афымцамчтә система апроблемақәа ируакуп афымцамчтә хархәагақәа зегьы ахьажәыз.

Аӡынтәи ахьҭақәа реиԥш амаинингтә проблема иахырҟьаны абҵара 15 раахыс Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи афымцалашара арцәара алагалан. Ԥхынҷкәын 11 раахыс Урыстәылантәи алашара ҳауеит.