Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 47 000 тонна ацитрусқәа алгоуп

Ацитрус шәырқәа ирласны иԥхасҭахо ҳәа ишьаны урҭ риагараз аҳазалхратә еиҿкаара аԥыжәара аҭаны имҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 47 000 тонна ацитрусқәа алгоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт ҩынтәны еиҳауп 2019 шықәсатәи арбагақәа раасҭа

"Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы активла ацитрус аалыҵи егьырҭ ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҳәаа ишахырго убоит. Иахьазы аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иазгәарҭахьеит 46 582 тонна амандарина, 762 тонна ахәырма, 907 тонна афеихоа шахыргаз", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҿырԥшразы, 2019 шықәсазы аҳәаа иахыган 12 126 тонна амандарина, 65 тонна ахәырма, 398 тонна афеихоа.   

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа бжьаратәла 1200 тонна ацитрусқәа аҳәаа иахыргоит, аҳәаа иахысуеит 200 рҟынӡа транспорттә еидарамҩангага.

Иааидкыланы сынтәа 50 000 тонна рҟынӡа ацитрусқәа рекспорт иазыԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: