Аҟәа ахәҭақәак ӡыржәтәла реиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа ҟалалоит хымш

Аҟәа ахәҭақәак ӡыржәтәла реиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа аӡыҭгагатә станциаҿы имҩаԥырго аремонттә усурақәа ирыхҟьоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Кьалашәыр иҟоу аӡыҭгагатә станциа №3 аҟны имҩаԥырго аремонттә усурақәа ирыхҟьаны Аҟәа ахәҭақәак ӡыржәтәла реиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа ҟалалоит хымш, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Иазгәаҭоуп Кәыдрытәи амҩа, Турбаза, Ҷанба амҩаду, Баслаҭа ақыҭан аӡрыжәтә аанкылахоит ҳәа.

АУН "Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.