АҶА: Аԥсны абнарақәа рҿы иазгәаҭоуп амцакра ҿыцқәа

Ареспубликаҿы иҟаз амцакрақәа ырцәан, аха абнара ҭыԥқәак рҿы иазгәаҭоуп амцакра ҿыцқәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Гали Очамчыреи рраионқәа абнарақәа рҿы иазгәаҭоуп амцакра ҿыцқәа. Иара убас, анеира ахьыуадаҩу гагратәи ашьхарақәа рҟны ибылуеит абна аҵеи иҩаз аҳаскьынреи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА аофициалтә саит.

Аԥсны АҶА: ареспубликаҿы иҟаз амцакрақәа ырцәоуп

Аԥсны АҶА аҟны ирҳәеит амцакрақәа усҟак шәарҭара шрыцым, иҟаз раасҭа.

"Иҟоу амцакра ауаа рынхарҭақәа иаԥырхагам. Амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит", - ҳәа азгәаҭоуп асаит аҟны.

Аԥсны АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа иажәақәа рыла, ахаша аҭагылазаашьа акыр иуадаҩын Гагра, аԥсшьарҭа "Москва" азааигәара.  Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит ԥшьымш раԥхьа, анаҩс ахаша ажьырныҳәа 6 рзы шьыжьнаҵы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит, уи иахҟьаны ахаҳә леит.

Роман Лабиа иҳәеит, амцакрақәа ауаатәыҩса ишырхароу, - "анхаҩцәа рбаҳчақәа рҟны аҳаскьын ҩа амца ацрарҵоит, нас аԥша иахҟьаны амца аҽарцәгьоит".

Уи аԥхьа адырра ыҟан Гәдоуҭеи Гали рраионқәа рҟны амцакрақәа аҭыԥ шрымаз. Гал араион аҟны аҩнқәа хԥа блит.