Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит

Гагра ашьхара иахьаԥну амцарцәара иаҿуп амцарцәаратә машьынақәа хԥеи 11-ҩык амцарцәаҩцәеи.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араиони Гагра ақалақьи аиқәырхара- абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.

"Уажәазы амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа аргылара ҳаҿуп аҩнқәа рыхьчаразы", - иҳәеит иара.

Бганба иажәақәа рыла, амца анхарҭаҩнқәа зынӡа ирзааигәоуп, 150 метра инареиҳаны.

Амцарцәаҩцәа амцакра аҵакыра рзышьақәыдмыргылеит, иҳәеит аиқәырхаҩ.

Гали Очамчыреи рраионқәа абнарақәа рҿы иазгәаҭоуп амцакра ҿыцқәа, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.