Логәуа: афымцатә ҳақәа ирықәу аидара шыҟац иаанхоит

Ажьырныҳәа 7 рзы Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит иахьатәи аамҭазы ареспубликаҿы аенергетика аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы аилацәажәара.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Аԥсны афымцатә ҳақәа ирықәу аидара шыҟац иаанхоит, авариақәа рцәырҵразы ашәарҭара ыҟоуп, абри атәы иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, аимадара аоператорцәа рнапхгаҩцәа.

Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

Логәуа иазгәеиҭеит, акриптовалиута аиура иадҳәалоу аусурақәа рзы аинтернет аиураз аԥкрақәа ралагалара аамҭала аенергосистема ахьанҭара аҵхра иацхрааит, аныҳәамшқәа рзы афымцалашара аиуразы еиԥҟьара ҟамлеит ҳәа.

Пҳынҷкәын 28 инаркны иӡбан аинформациа-телекоммуникациатә ҳа "Интернет" абонентцәа акриптовалиута аиураз аусура рылзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәа рдаҟьақәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рырбагақәа рхархәаразы аԥкрақәа алагалазарц.

Кристина Озган илҳәеит, уахыки-ҽнаки афымцатә ҳақәа ирықәыз аидара армаҷра шрылшаз, уи азы амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа мчыбжьык ареидқәа мҩаԥыргар акәын.

Аилатәараҿы иазгәаҭан, аҭыӡҭыԥқәа зегь аблокада рызуп, аха, акала авсшьа аԥшаара иашьҭалозар акәхап, ус акәзаргьы аамҭак асистема аԥсы ашьоит ҳәа.

Озганԥҳа аенергетикцәа рнапы ианылҵеит аҭҵаарақәеи ареидқәеи мҩаԥыргаларц, ацәаҳәақәа аидара хьанҭа иаҵазҵо ахархәаҩцәа аҿырхларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: