Аԥсны АҶА аҟны еиҭарҳәеит ареспубликаҿы амцарцәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амцарцәаҩцәа ирылшеит ареспубликаҿы иҟаз амцакрақәа рҭыԥыркра, ажьырныҳәа 7 ахәылбыҽха.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 8-Sputnik. Ажьырныҳәа 8 рзы, ашьыжь Гагра араион иҟоу амцакрақәа аҽеиҩнашеит, амцакрақәа аҭыԥ рымоуп ақалақь ашьхара иахьаԥну араионқәа рҟны, амшын азааигәара- амца ӷәӷәам, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Ажьырныҳәа 7 рзы, ахәылбыҽха адырра ҟаҵан Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 150 метра инареиҳаны ҳәа. Араион анапхгара ирҳәахьан иаҭахны иҟалозар ауааԥсыра ралгара иазыхиоуп ҳәа.

Гагра араиони Гагра ақалақьи аиқәырхара- абылрацәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа ишазгәарҭо ала, ибылуаз еиҳарак абна аҵеи иҩаз аҳаскьынреи ракәын, абылрақәа рҵакьырадгьыл ф-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Амцарцәаразы инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьбеи, Гагра аиқәырхаратә гәыԥи, Аҟәатәи амцарцәаратә гәыԥи.

Ажьырныҳәа 7 рзы амцакра ырцәан Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан, Очамчыра араион Рекеи Баслахәи ақыҭақәа рҟны. Гал араион Гагахлеба ақыҭаҟны ирцәаз амцакрақәа рҵакьырадгьыл гектарк рҟынӡа инаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: