Бжьаниа хаҭала ахылаԥшра аиҭоит ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу азы иааԥмырҟьаӡакәа аинформациа ииҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 8-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хаҭала ахылаԥшра аиҭоит ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

АҶА амцарцәаҩцәа ҷаԥшьоит Гагра араион иҟоу амцакрақәа рҭагылазаашьа ахылаԥшразы

Иазгәаҭоуп, атәыла ахада иааԥмырҟьаӡакәа дышрымадоу амцакрақәа ахьыҟоу араионқәа рхадацәа. Атәыла ахада дҵас иҟаиҵеит, иаҭахны ианыҟала ауаа ралгара аус еиҿыркаарц.

Гагра араион иҟоу амцакрақәа рҭагылазаашьа ахылаԥшра азыруеит, аҭыԥаҟны иџьаԥшьоит хә-гәыԥк амцарцәаҩцәа. Амца аҽеиҩнашеит, амцакрақәа аҭыԥ рымоуп ақалақь ашьхара иахьаԥнуи амшын азааигәареи, аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 100 метрак иааигәаны. Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит хымш раԥхьа, анаҩс ахаша ажьырныҳәа 6 рзы шьыжьнаҵы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит, уи иахҟьаны ахаҳә леит. Ажьырныҳәа 7 рзы, ахәылбыҽха адырра ҟаҵан Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 150 метра инареиҳаны ҳәа. Араион анапхгара ирҳәахьан иаҭахны иҟалозар ауааԥсыра ралгара иазыхиоуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: