АҶА амцарцәаҩцәа ҷаԥшьоит Гагра араион иҟоу амцакрақәа рҭагылазаашьа ахылаԥшразы

© Foto / Instagram/dblinov_photo_moscowЛесные пожары в Гагре
Лесные пожары в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион иҟоу амца аҽеиҩнашеит, амцакрақәа аҭыԥ рымоуп ақалақь ашьхара иахьаԥнуи амшын азааигәареи, аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 100 метрак иааигәаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 8-Sputnik. Гагра араион иҟоу амцакрақәа рҭагылазаашьа ахылаԥшра азыруеит, аҭыԥаҟны ичаԥшьоит хә-гәыԥк амцарцәаҩцәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араиони Гагра ақалақьи аиқәырхара- абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.

"Аҭагылазаашьа ахылаԥшра ахҭоит, ҳамчқәа азхоит", - иҳәеит иара.

Бганба иажәақәа рыла, амцакрақәа анхарҭаҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 100 метрак иааигәаны.

Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит хымш раԥхьа, анаҩс ахаша ажьырныҳәа 6 рзы шьыжьнаҵы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит, уи иахҟьаны ахаҳә леит. Еиҳарак аҭыгалазаашьа уадаҩын асанатори "Москва" иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Амца аанкылара рылшеит, асанатори ԥырхага амоуит.

Пожар в лесу в Старой Гагре в понедельник 11 июня   - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит

Ажьырныҳәа 7 рзы, ахәылбыҽха адырра ҟаҵан Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 150 метра инареиҳаны ҳәа. Араион анапхгара ирҳәахьан иаҭахны иҟалозар ауааԥсыра ралгара иазыхиоуп ҳәа. Ибылуаз еиҳарак абна аҵеи иҩаз аҳаскьынреи ракәын, абылрақәа рҵакьырадгьыл ф-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Амцарцәаразы инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьбеи, Гагра аиқәырхаратә гәыԥи, Аҟәатәи амцарцәаратә гәыԥи.

Аԥсны АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа иазгәеиҭеит, амцакрақәа ауаатәыҩса ишырхароу, - "анхаҩцәа рбаҳчақәа рҟны аҳаскьын ҩа амца ацрарҵоит, нас аԥша иахҟьаны амца аҽарцәгьоит".

Уи аԥхьа адырра ыҟан Гәдоуҭеи Гали рраионқәа рҟны амцакрақәа аҭыԥ шрымаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0