Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аремонт хыркәшоуп, Аԥсны афымцалашара еиҭашьақәыргылоуп

Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны амашәыр ҟалеит Гагра араион анеира ахьыуадаҩу ашьхарақәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны аремонттә усурақәа хыркәшоуп, Аԥсны афымцалашара еиҭашьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны авариа ҟалеит асабша, ажьырныҳәа 9 рзы ашьыжь, Гагра араион аҿы аҭыԥ змоу абнабылрақәа ирыхҟьаны. Убри инамаданы Аҟәа инаркны Ԥсоунӡа фымцалашарада иаанхеит.

Афымцацәаҳәа ахьыԥхасҭахаз ашьхараҿоуп, уи аҭыԥ аҟынӡа атехника ахьзымнеиуаз иахҟьаны афымцаусзуҩцәа шьапыла ихалар акәхеит. Дара авариа ахҟьа-ԥҟьақәа аԥырхит, уи иабзоураны афымцацәаҳәа афымцамч амҩангаразы еиқәыршәахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: