Амашьына аӡиа Риҵа иалаҳаит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ 17:00 рзы, аиқәырхаратә гәыԥ Риҵа аӡиа азааигәара аплантә дҵа анагӡаразы аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥыргоз.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik. Автомашьына "Honda" Сталин иҩнахьы игоу амҩаҟны, аӡиа Риҵа азааигәара аҿҟьара иагеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Уи аԥхьа аиқәырхаратә гәыԥ Риҵа аӡиа азааигәара аплантә дҵа анагӡаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргаразы рҭыԥ алырхит. 17:00 сааҭ рзы аиқәырхәаҩцәа амашәыр шыҟалаз азы адырра роуит.

Амашьына ԥшьҩык ҭатәан, хҩык амашьына аҭыԥара рылшеит аӡиа Риҵа иалаҳаанӡа.

Аӡәы амашьына аҭыҵра дахьымӡеит. Иара Гәдоуҭатәуп. Аҭыԥахь инеит АҶА аӡхәыҵалацәа, дара амашьына аӡиа иҭыргеит. Зыԥсҭазаара иалҵыз иԥсыбаҩ иҭынхацәа ирыҭоуп.