Джефф Монсон испорттә кариера хиркәшеит

Еилаԥсоу аиндаҭларақәа рзы америкатәи ақәԥаҩ, Урыстәыла атәылауаҩ, "Аԥсны аҳаҭыр тәылауаҩ" Джефф Монсон аринг аҿы 86 қәгылара мҩаԥигеит, 59-нтә даиааит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12  - Sputnik. Монсон еилаԥсоу аиндаҭларақәа рзы иқәгыларақәа дшырҟәаҵуазы иӡбра зыда ԥсыхәа ыҟамыз акәхеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан инапы адаш еимҟьеит. Абри атәы аанацҳауеит Вести.Ru.

Джефф Монсон Аԥсны аҳаҭыр тәылауаҩс дҟалеит

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп сымҩаҿ исԥылаз зегьы – адгылара сызҭоз, сзацлабуаз. Уаҵәы инаркны аҽазыҟаҵарақәа ныскылоит. Изыҩуеит сылаӷырӡ хаҟәҟәала", - иҳәоит аспортсмен.

Монсон аоперациа изырураны дыҟоуп. Уи ашьҭахь шықәсык иназынаԥшуа аиҭашьақәыргыларатә процесс мҩаԥигалароуп.

Монсон 49 шықәса ихыҵуеит ММА (Mixed martial arts) аҿы икариера хациркит 1997 шықәса рзы. Дзындаҭлахьоу иреиуоуп: Џьеи Уаит, Рои Нельсон, Сергеи Харитонов, Александри Фиодри Емельианенкоаа. 60 иааира игахьеит, 26 даҵахеит, знык еиҭахарыла иқәгылара хиркәшеит. Дықәгылон ачемпионатқәа UFC, М1 уҳәа рҿы.

Аԥсныҟа аспортсмен дааит 2016 шықәса жьҭаарамзазы, Octagon Fighting Sensation (OFS) Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рыдгыларала имҩаԥнагоз еилаԥсоу ақәԥаразы ажәбатәи атурнир алахәхаразы.

Усҟан Монсон иҳәеит адунеи ауаажәларра Аԥсны ахьыԥшымра апроблема иазхьеирԥшырц шиҭаху.

Уаанӡа Монсон Лугансктәи Жәлар Рреспублика атәылауаҩра иоухьан. Иара убасгьы 2015 шықәса раахыс иара Урыстәыла датәылауаҩуп. Убри аан иара америкатәи атәылауаҩра мап ацәикит.